Иракли Ӷарибашвили Будапештҟа ддәықәлеит
Иракли Ӷарибашвили Будапештҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Будапештҟа ддәықәлеит.

Иракли Ӷарибашвили Венгриа, Будапешт, лаҵара 4-5 рзы  имҩаԥысран иҟоу Аконсервативтә политиказы аконференциа (CPAC) ихы алаирхуеит,  Иракли Ӷарибашвили аконференциа спикерс дҭаҩуп.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа.

Аҧыза-министр анапхгара ззиуа ақырҭуа делегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.