Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа акьыԥхь ахақәиҭра Адунеизегьтәи Амш рыдиныҳәалоит
Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа акьыԥхь ахақәиҭра Адунеизегьтәи Амш рыдиныҳәалоит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа акьыԥхь ахақәиҭра Адунеизегьтәи Амш рыдиныҳәалоит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, иахьа ақырҭуа амедиақәыԥшылараҿ аплиурализми ахақәиҭреи шьақәгылоуп, ажурналистика арӷәӷәареи аҿареи рзы аҭагылазаашьа еиҿкаауп.

„Ақырҭуа медиа ахьыԥшымра ашьақәгылара амш инаркны амҩа хьанҭа ахысит, аха ааԥхьарақәеи ауадаҩрақәеи рыҿагылара алшеит.

Анапхгарахь ҳанааи амш инаркны ҳполитикатә гәыԥ акьыԥхь ахақәиҭра аиҿкаара хықәкы хаданы иқәнаргылеит. Иахьа ақырҭуа амедиақәыԥшылараҿ аплиурализми ахақәиҭреи шьақәгылоуп, ажурналистика арӷәӷәареи аҿареи рзы аҭагылазаашьа еиҿкаауп”, – иазгәеиҭеит аԥыза-министр.