Иракли Ӷарибашвили Ахьыԥшымра амшныҳәа рыдиныҳәалеит Қырҭтәылатә атәылауаа
Иракли Ӷарибашвили Ахьыԥшымра амшныҳәа рыдиныҳәалеит Қырҭтәылатә атәылауаа

Иахьатәи амш ҳтәылауаа зегьы рыдысныҳәаларц сҭахуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла Ахьыԥшымра амш инамаданы Ахьыԥшымра ашҭаҿ имҩаԥысыз аныҳәатә уснагҿатә аҿы данықәгылоз.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, лаҵара 26 атәыла амилатә аиԥшзаара, ашәышықәса рацәа рыбжьара ихьчаз акультуреи, ахақәаиҭра абзиабареи рсимволуп.

“Лаҵара 26 атәыла амилатә аиԥшзаара, ашәышықәса рацәа рыбжьара ихьчаз акультуреи, ахақәаиҭра абзиабареи рсимволуп. Ахьыԥшымра аидеиа еснагь ҳара ҳзын иҵәатәы шьаҟан, уи апатриотцәа зегьы еиднакылон, уи иабзоураны Қырҭтәыла ахьыԥшымра аиура алшахеит,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.

Ахьыԥшымра амш инамаданы имҩаԥысыз аныҳәатә уснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла ахада, Аԥыза-министр, апарламент ахантәаҩы, апатриархиа хаҭарнакцәа, Польша ахада, Украина атәылахьчара аминистр, апарламент алахәылацәеи, адипкорпус хаҭарнакцәеи, арратә маҵзуҩцәеи.