Иракли Ӷарибашвили – Анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит Гига Оҭхозориа ишьразы ахара зду ахаҿқәа зегьы азакәан инақәыршәаны ахьырхәра иақәыршәарц
Иракли Ӷарибашвили – Анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит Гига Оҭхозориа ишьразы ахара зду ахаҿқәа зегьы азакәан инақәыршәаны ахьырхәра иақәыршәарц

Анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит Гига Оҭхозориа ишьразы ахара зду ахаҿқәа зегьы азакәан инақәыршәаны ахьырхәра иақәыршәарц, – асоциалтә каҭаҿы абри аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

«Аԥсны ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ апатриот қәыԥш Гига Оҭхозориа дыршьиижьҭеи ԥшьышықәса ҵит.

Ари игәымбылџьбароу ацәгьаура  Гига Оҭхозориеи егьырҭ ҳтәылауааи иалаӡых ампыҵахалара иреалу хаҿсахьоуп.

Ҳнапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит Гига Оҭхозориа ишьразы ахара зду ахаҿқәа зегьы азакәан инақәыршәаны ахьырхәра иақәыршәарц.

Ҳнапаҿы иҟоу жәларбжьаратәии азинтәи инструментқәа зегьы ҳхы алаҳархәот ацәгьауцәа аӡбара аҿаԥхьа игыларц азы,» – иҩит Иракли Ӷарибашвили.