Иракли Ӷарибашвили - Анаклиатәи абаӷәаза аҳәынҭқарра аҽалархәрала иргылахоит, аҳәынҭқарра ахәҭа 51% иаҟарахоит
Иракли Ӷарибашвили - Анаклиатәи абаӷәаза аҳәынҭқарра аҽалархәрала иргылахоит, аҳәынҭқарра ахәҭа 51% иаҟарахоит

Анаклиатәи абаӷәаза аҳәынҭқарра аҽалархәрала иргылахоит, аҳәынҭқарра ахәҭа 51% иаҟарахоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьатәи аиҳабыра реилатәара аҿы.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла, апартниор аилахәырақәа ралкааразы ирыларҳәоит жәларбжьаратәи аконкурс.

„Иҳадаҳкылаз аӡбара инақәыршәаны, Анаклиатәи абаӷәаза аҳәынҭқарра аҽалархәрала иргылахоит, аҳәынҭқарра ахәҭа 51% иаҟарахоит. Апартниор аилахәырақәа ралкааразы ирыларҳәоит жәларбжьаратәи аконкурс. Ари апроект ҳхамшҭӡеит, аҭыԥ аԥхасҭа ду аиуит. Излаҳалшо ала ирласны жәларбжьаратәи апартниор далаҳхыроуп. Ари апроект аҳәынҭқарра аҽалархәрала иргылахоит”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.