Иракли Ӷарибашвили -  Адунеитә аҵарадаррытә уаажәларра зегьы иазхарҵеит 8000 шықәса зхыҵуа аҩыҟаҵара ашьҭа Қырҭтәыла ишаарԥшыз, аҩыҟаҵара традициа ҳтәылантә аларҵәара ишалагаз
Иракли Ӷарибашвили -  Адунеитә аҵарадаррытә уаажәларра зегьы иазхарҵеит 8000 шықәса зхыҵуа аҩыҟаҵара ашьҭа Қырҭтәыла ишаарԥшыз, аҩыҟаҵара традициа ҳтәылантә аларҵәара ишалагаз

Адунеитә аҵарадаррытә уаажәларра зегьы иазхарҵеит 8000 шықәса зхыҵуа аҩыҟаҵара ашьҭа Қырҭтәыла ишаарԥшыз, аҩыҟаҵара традициа ҳтәылантә аларҵәара ишалагаз, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили атуристтә цәыргақәҵа ITB Berlin 2023 ааартра ацеремониаҿ.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишииҳәаз ала, Қырҭтәыла иҟоуп хәышә инареиҳаны аҭыԥантәи ажәытәӡатә ажь хкқәа.

“Ижәдыруазаргьы ҟалап, ақырҭуа аҩы акультура аишәа-чара ишадҳәало. Ақырҭуаа 8000 шықәсатәи аҩыҟаҵаратә традициа рымоуп, ари афакт шьақәырӷәӷәоуп археологиатә аҵхрақәа рылагьы. Адунеитә аҵарадаррытә уаажәларра зегьы иазхарҵеит 8000 шықәса зхыҵуа аҩыҟаҵара ашьҭа Қырҭтәыла ишаарԥшыз, аҩыҟаҵара традициа ҳтәылантә аларҵәара ишалагаз. Уи анырра ду аман ақыҭанхамҩеи, ажәларқәа ркультуреи, абиологиеи, амедицинеи, инеизакны ацивилизациеи аҿиаразы. Убри аҟынтә, ақырҭуа аҳаԥшьаҩы аҟаҵара атрадициа UNESCO ала иазхаҵан иматериалым акультуратә баҟас”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили атуристтә цәыргақәҵа ITB Berlin 2023 ааартра ацеремониаҿ данықәгылоз.