Иракли Ӷарибашвили - Адунеи ԥсаххеит, абри аҭагылазаашьа цәгьа аҟынтә алҵшәа аԥшаара имацара аӡәгьы илшом, ара акзаара аҭахуп
Иракли Ӷарибашвили - Адунеи ԥсаххеит, абри аҭагылазаашьа цәгьа аҟынтә алҵшәа аԥшаара имацара аӡәгьы илшом, ара акзаара аҭахуп

Иахьа аглобалтә еиҿкаашьа ԥсаххоит. Уаанӡа иҟаз аҭагылазаашьа ахынҳәра ахаан ҳалшом. Абри аҭагылазаашьа цәгьа аҟынтә алҵшәа аԥшаара имацара аӡәгьы илшом, аглобалтә аусеицура иҿыцу, иаҳа ииашоу аиҿкааразы  акзаара аҭахуп. Ас еиԥш мацара ҳалшоит ҳхықәкы анагӡара, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Будапешт, Аконсервативтә политиказы аконференциа (CPAC) аҿы данықәгылоз.

„Акзаара излаҳалшозеи? Раԥхьаӡа иргыланы ари ҳалшоит ҳтрадициатә, иуниверсалу, иреиҳаӡоу, наӡаӡатәи ахәынагӡарақәа рыхьчара ала, урҭ ҳҭоурыхи ҳкультуреи шьаҭас ирымоуп. Арҭ ахәынаӡарақәа роуп – адин, ахақәаиҭра, аҭынчра, ахьӡ, аиаша, аиҟарара, аҭаацәара, аҭаацәеи, абдуцәеи ртрадициақәа пату рықәҵара. Ҳара ҳзы авторитет ду змоу ауаҩ, ҳпатриарх Илиа аҩбатәи иҳадигалаз апостулатқәа – Анцәа, аԥсадгьыл, ауаҩы – роуп Қырҭтәыла аҭоурых шьаҭас иамоу. Арҭ ахәынаӡарақәа иуԥылоит Аҩырацқьаҿ. Арҭ ахәынаӡарақәа еснагь ақырҭуа жәлар рхатәҟазшьараҿ иуԥылон, ажәлар еидыркылон. Ари иабзоуроуп ихәыу, аха агеополитикатә ҭагылазаашьаҿ аимпериақәеи ацивилизациақәеи реинҟьара аепицентр аҿы иҟоу атәыла, аҭоурыхтә фырҭынқәа раан аиқәырхара ахьалшаз,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.