Иракли Ӷарибашвили Аҵара аминистр ҿыц дықәиргылоит
Иракли Ӷарибашвили Аҵара аминистр ҿыц дықәиргылоит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Аҵараеи аҵарадырреи рминистр ҿыц иахьа дықәиргылоит.

Ари атәы асоциалтә каҭаҿы аалыцҳаит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа Астратегиатә коммуникациақәа рдепартамент аиҳабы Нино Гиоргобиани.

Аиҳабыра радминистрациаҿ иахьа, асааҭ 14:00 рзы Аиҳабыра реилатәара мҩаԥгахоит.

Аҵара аминистр иҭыԥ 2019 шықәса инаркны ааникылоит Михеил Чхенкели.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла Чхенкели ицынхәрас аминистр иҭыԥ ааникылоит Гиорги Амилахвари. Уи 2021 шықәса инаркны апарламент Аҵареи аҵарадырреи ркомитет дахагылоуп.