Иорданиа, ақырҭуаа Удабно-аберҭыԥ ахыжәжәараҿ аусурақәа рымҩаԥгаразы археологцәа ргәыԥ дәықәлеит
Иорданиа, ақырҭуаа Удабно-аберҭыԥ ахыжәжәараҿ аусурақәа рымҩаԥгаразы археологцәа ргәыԥ дәықәлеит, – аанацҳаит Қырҭтәыла акультуратә ҭынхара ахьчаразы амилаҭтә агентра.
Агентра аинформациа ала, ԥхынгәы азы Қырҭтәыла Акультура аминистр Иорданиатәи Ҳашимиттә аҳраҿ аусуратә лвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, иорданиатәи агани ақырҭуа гани еиқәшаҳаҭхеит Карак Шиҳан ақалақь ашҟа ақырҭуа археологцәа ргәыԥ рдәықәлареи Удабно-аберҭыԥ ахыжәжәараҿ аусурақәа рымҩаԥгареи рзы. Археологцәа ргәыԥ напхгара рзиуеит апрофессор Вахтанг Личели.