Импыҵахало Аԥсны де-факто ахада инапынҵақәа назыгӡо Урыстәыла ахь аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәараз ацхыраара ҟарҵарц
Импыҵахало Аԥсны де-факто ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Урыстәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәараз ацхыраара ҟарҵарц.
Бадра Гәынба дақәгәыӷуеит ари азҵаара иаарласӡаны шыӡбахо.
“Иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп Аҧсни Урыстәылеи еснагь ирыбжьаз агәреибагара аиҭашьақәыргылараз”, – ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
“Иахьа уажәраанӡа алшарақәа шмаҷугьы Аԥсны анапхгара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит афымцалашара азҵаара аӡбаразы, ҳауаажәлар уылафахәыда раанмыжьразы. Убри аан ибзиан еилаҳкаауеит ҳбыргцәа, ҳхәыҷқәа лашарада ирхырго ауадаҩра дуқәа. Адгылара ҳазҭо Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара иҟоу азҵаарақәа аполитикахь риагара ииашам ҳәа иԥхьаӡоит Импыҵахало Аԥсны де-факто ахада инапынҵақәа назыгӡо Гәынба”, — иануп ааԥхьараҿы.
Ԥхынҷкәын 11 рзы икьыԥхьыз аамҭеихша инақәыршәаны, ҽынла ЕгрыГЕС аҟынтәи иааиуа афымцалашара х-сааҭк заҵәык роуп ауааԥсыра иахьроуа. Уахынла афымцалашара Урыстәылантәи иаарышьҭуеит асааҭ 21:00 инаркны 07:00 рҟынӡа.