Илиас Зуросс – Ҳара аҭоурых аҧаҳҵароуп
Илиас Зуросс – Ҳара аҭоурых аҧаҳҵароуп

 

Жәабран 26 рзы амҵәышәампыл азы Қырҭтәыла аизга Исландиа иацлабуеит. Ари ахәмарра аҭоурыхтә ҵакы амоуп  – аиааира зго аизга адунеи ачемпиоанатахь идықәлоит. Аматч иалагоит асааҭ  20:00 рзы, ишиашоу атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.

Ахәмарранӡа Актәи аканал аинтервиу аиҭеит Қырҭтәыла аизга азыҟаҵаҩ хада Илиас Зурос:

«Иахьатәи амш атәылеи ампыҵәампыли рзы аҵакы ду шамоу зегьы еилыркаауеит ҳәа сгәы иаанагоит.

Абри аҩыза ашанс лассы-лассы ицәырҵуам. Ҳара аҭоурых аҧаҳҵароуп. Ахәмарҩцәа зегьы ирылшо зегьы ҟарҵароуп зҵакы дуу иуадаҩу ахықәкы анагӡаразы.

«Ҭбилиси Арена» ашҟа абилеҭқәа зегьы рҭихьеит, азгәыбылҩцәа иацҵаны амч ҳарҭоит. Ргәыҕрақәа рынагӡаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит».