Илиа II Украина ақырҭуа аибашьцәа рҭахара иадҳәаланы агәалсра ааирҧшит
Илиа II Украина ақырҭуа аибашьцәа рҭахара иадҳәаланы агәалсра ааирҧшит

Қырҭтәыла Апатриарх Илиа II Украина ақырҭуа аибашьцәа рҭахара иадҳәаланы агәалсра ааирҧшит.

Апатриарх иҭахаз аруаа руацәа дрыдашшылеит.

«Арыцҳара ҳақәшәеит, Украина имҩаҧысуа аибашьраҿы ҳаитәылауаа ҭахеит.  Давиҭ Менабдишвилии, Николоз Шанавеи, Алеқсандр Цаавеи, Аркади  Касраӡеи, Заза Биҵаӡеи, рыҧсы ҭынчзааит, руацәа срыдашшылоит», — иануп адашшыларатә шәҟәы аҟны.