Илиа Дарчиашвили Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит
Илиа Дарчиашвили Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа реиҩызаратә аизыҟазаашьақәеи рпартниорреи азгәарҭеит.

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи уажәтәи русхәаҧштә иаҵанакәа актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәеит, урҭ рыбжьара, ахәаахәҭреи, аекономикеи, амилаҭқәа ремадареи уҳәа,  еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аимадара арҕәҕәареи ари ахырхарҭала иҟаҵатәу ашьаҿақәеи.

Аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ианрылацәажәоз, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистри Шәамахьтәыла аҧыза-министри иаҵшьны иазгәарҭеит атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра афакти ари арыцхә иамоу аҵаки.