Илиа Дарчиашвили иахьа аофициалтә визитла Финлиандиашҟа ддәықәлоит
Илиа Дарчиашвили иахьа аофициалтә визитла Финлиандиашҟа ддәықәлоит

Хәажәкыра 12-13 рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили аофициалтә визитла Финлиандиа даҭаауеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Финлиандиа ахада Александр Штуб диԥылоит.

Иара убас, Илиа Дарчиашвили аиԥылара мҩаԥигоит финлиандиатәи аколлега Елина Валтонен лҟны.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Финлиандиатәи Ареспублика Европатәи азҵаарақәа рзы амнистр Андерс Адлеркроици, Евроеидгыла азҵаарақәа рзы Финлиандиа апарламент акомитет ду ахаҭарнакцәеи, Финлиандиа апарламент анапхгаратә партиа афракциа ахантәаҩы, Қырҭтәыла аиҩызаратә гәыԥ анапхгаҩы Матиас Мартиненси дырԥылоит.