Илиа  Дарчиашвили – Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа – европатәи амилаҭқәа рыгәҭа зҭыҧ зырхынҳәыр зҭаху ақырҭуа жәлар рҽазышәара ду иабзоуроуп
Илиа  Дарчиашвили – Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа – европатәи амилаҭқәа рыгәҭа зҭыҧ зырхынҳәыр зҭаху ақырҭуа жәлар рҽазышәара ду иабзоуроуп

«Сынта Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш аҵакы ҷыда амоуп, уи азыҳәан иакымкәа амзызқәа иҟоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Бельгиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы, уаҟа Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы ауснагӡатә мҩаҧган.

«Сынта Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш аҵакы ҷыда амоуп, уи азыҳәан иакымкәа амзызқәа иҟоуп  —  иахьа аукраин ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыҧсадгьыл иазықәҧоит. Ахьыҧшымреи, ахақәиҭреи, ахатә ҧеиҧш алхра азини азықәҧара еснагь ҳтәылақәа еиднаҳәалон.   Қырҭтәыла жәларбжьаратәи афорумқәа зегьы рҿы Украина иадгылоит.

Аҩызцәа, сынтәа Ахьыҧшымра амш аҵакы ҷыда аназшьо даҽа мзызкгьы иҟоуп, – ҳара Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟаҳҵеит.  Уи апроцедуратә шьаҿоуп, аха,  европатәи амилаҭқәа рыгәҭа зҭыҧ зырхынҳәыр зҭаху ақырҭуа жәлар рҽазышәара ду иабзоуроуп.  Қырҭтәыла, ахатә культуратәи арелигиатәи амилаҭтә ҷыдарақәа реиқәырыхаразы амҩа ду иахысит, абри амҩаҿы егьырҭ европатәи амилаҭқәа ҳрывагылан, Европа алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы абааш ҕәҕәа ҳасабала», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.