Илиа аҩбатәи – Сагареџьо иҟалаз арыцҳара ҳгәы ҧнажәеит, иҭахаз ауаа руацәеи рҩызцәеи ҳрыдашшылоит, рыҧсы ҭынчзааит
Илиа аҩбатәи – Сагареџьо иҟалаз арыцҳара ҳгәы ҧнажәеит, иҭахаз ауаа руацәеи рҩызцәеи ҳрыдашшылоит, рыҧсы ҭынчзааит

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа  II Сагареџьо иҟалаз арыцҳараан иҭахаз ауаа руацәеи рҩызцәеи дрыдашшылеит.

«Сагареџьо иҟалаз арыцҳара ҳгәы ҧнажәеит. Зықәра дуумыз аҷкәынцәа ҭахеит Давиҭ Насраӡеи, Заза Чихлаӡеи, Нодар Рчеулишвилии, Зақро Матиашвилии,  егьырҭ ауаа еиқәзырхаз аполициа аусзуҩ  Оҭар Ҕвиниашвилии.

Руацәеи   рҩызцәеи  ҳрыдашшылоит… Рыҧсы ҭынчзааит.

Ахәрақәа зауз ирласны ибзиаханы аҩныҟа ихынҳәырцаз  Анцәа ҳиҳәоит», — азгәеиҭеит  Апатриарх.

Иаха ҵхыбжьон Сагареџьо,  идырым хаҵак анхарҭатә корпус абалкон дықәгыланы,  ахысра далагеит.