Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи Михаил Ҟавелашвили атәыла ахадас иалхра идиныҳәалеит.
Илиа Аҩбатәи Михаил Ҟавелашвили иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
«Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қьырса аныҳәа дуи Ашықәс Ҿыци. Қырҭтәыла ахадас шәалхра шәыдысныҳәалоит, ари амаҵзура ду аҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит», — иануп адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.