Илия II, Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иадҳәаланы,   ахада Реџьеп Таип Ердоҕан адашшыларатә шәҟәы изиҩит
Илия II, Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иадҳәаланы,   ахада Реџьеп Таип Ердоҕан адашшыларатә шәҟәы изиҩит

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илия II, Ҭырқәтәыла иҟалаз арбгаратә адгьылҵысра иадҳәаланы,   ахада Реџьеп Таип Ердоҕан адашшыларатә шәҟәы изиҩит.

Илия II иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа дрыдашшылеит.

«Ҳаҭыр зқәу ахада, жәабран  6 рзы иҟалаз арбгаратә адгьылҵысра адунеи зегьы аршанхеит. Ари адгьылҵысра Қырҭтәыла атәылауаҩгьы далаӡит.

Иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа Қырҭтәыла Аиашахаҵаратә уахәамеи, хаҭала сареи ҳахьӡала срыдашшылоит.

Шәтәыла аҭынчреи, аҕәҕәареи, ахәрақәа зауз ирласны рыбзиахареи, аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵареи азеиҕьасшьоит. Анцәа дышәхылаҧшааит, амин», — иануп Адашшыларатә шәҟәы аҟны.