Ильҳам Алиев - Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи ирзеиҧшу аплатформа аҧҵара аҵакы ду амоуп
Ильҳам Алиев - Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи ирзеиҧшу аплатформа аҧҵара аҵакы ду амоуп

 

Азербаиџьан ахада Ильҳама Алиев иҳәамҭала, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи ирзеиҧшу аплатформа аҧҵара аҵакы ду амоуп. Алиев ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Европатәи аполиткиатә аидгыла аҳәаақәа ирҭагӡаны Прага имҩаҧысуаз адискуссиаҿы.

Алиев ишиҳәаз ала, аҩбатәи ҟарабахтәи аибашьра ашьҭахь арегионаҿ аҭагылазаашьа аҽаҧсахит, Бақәа Шәамахьтәылаҟны аҭынчратә аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аинициативала иқәгылеит. Иара убас, Алиев Ҭырқәтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара дшақәшаҳаҭху иҳәеит.

Азерабаиџьан ахада ишиҳәаз ала,  Аахыҵ Кавказ аҿы аҭынчра ашьақәыргыларазы аҵакы ду амоуп Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи ирзеиҧшу аплатформа аҧҵара.

Иара иажәақәа рыла, ари аплатформаҿы аенергетикеи, аимадареи, азеиҧш интересқәа ирыҵанакәа егьырҭ азҵаарақәеи рылацәажәара рылшоит.