Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәак Михеил Саакашвили изку аҳәамҭа ҟарҵеит
Қырҭтәыла ахԥатәи ахада Михеил Саакашвили игәабзиара ацәгьахаразы ақәҿыҭра ҟаҳҵоит, ҳгәы шаанаго ала, иашьҭанеиуа ихәышәтәра азҵаара аполитикатә ганахьала акәым, ауаҩы иԥсҭазаареи игәабзиареи рыхьчара астандартқәа ирызԥхьагәаҭаны, – иануп иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәак Михеил Саакашвили иҭагылазаашьа иазкны еицыҟарҵаз аҳәамҭа аҿы, аҳәамҭа “Иаару аилазаара афонд” авебдаҟьа ианылеит.
Аҳәамҭа аҿы ишану ала, адокумент анапы аҵазҩыз аиҿкаарақәа анапхгара рахь ааԥҳьара ҟарҵоит Михеил Сакашвили ихәышәтәра азҵаара иахәаԥшыр аекспертцәа рҳасабырбақәа рҿы иану аинформациеи арекомендациақәеи шьаҭас аҭаны.
Адокумент рнапы аҵарҩит: “Афонд иаарту аилазаара Қырҭтәыла”, “Қырҭтәыла адемократиатә аԥшьгара”, “Аԥсихосоциалтәи амелицинатәи реабилитациа ацентр”, “Аԥырҟәҟәаара апрогресс азы”, “Ауаҩытәыҩса изинқәа рцентр”, “Қырҭтәыла аӡбарҭа ахьчаҩ”, “Адемократиа аҭҵааратә институт”, “Асоциалтә аиашаӡбара ацентр”, “Қырҭтәыла ақәыԥш иуристцәа реилазаара”, “Ииашоу алхрақәеи адемократиа жәларбжьаратәи ауаажәларреи”, “Аих рҿиара афонд”, “Альтернатива иаҵәа”, ” Аекономикатә политика аҭҵааратә центр” ахаҭарнакцәа.