Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Евроеидгыла арекомендациақәа рынагӡара иазкны рхатә хәаԥшыра аадырԥшит
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәак Евроеидгыла арекомендациақәа рынагӡара иазкны рхатә хәаԥшышьа аадырԥшит.
“Ақәыԥш иуристцәа реиҿкаареи”, “Ииашоу алхрақәеи”, “Саԥареи”, “Иаарту аилазаара афонди”, “Асоциалтә аиашара ацентри”, “Акоалициа аих радвокатирра азы”, “Жәларбжьаратәи алабҿабара Қырҭтәылеи” аплан аус еицадырулан, аиҳабыра иҟарҵаран иҟоу иконкрету ашьаҿақәа шьақәдыргылеит.
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа иҟарҵаз аҳәамҭала, аполиаризациа ахыркәшара иазку актәи апункт анагӡаразы, аганқәа Шарль Мишель идокумент азыхынҳәроуп. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхәаԥшышьа инақәыршәаны, Аиустициа и реиҳаӡоу ахеилак ареформеи акоррупциа аҿагылара амеханизм еидызкыло агентра шьаҭарктәуп, 12 пунтк рыла ишьақәгылоу аплан анагӡаразы, аиҳабыра аполитикатә аӡбара аднакылароуп.
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ишаарыцҳаз, амч аизшара иахылҵуа 11 пунткқәа нагӡахар, автоматла инагӡахоит ахәбатәи апунктгьы – адеолигархизациа.