Урыстәылатәи азакәан мап ацәырымкыр, адокумент анапы аҵазыҩуа аиҿцаарақәа анапхгара рҟны аусеицура ҳаҟәыҵуеит; ҳаҳаҭыр лазырҟәо ареестр аҭаҩра ҳгәы иҭам; мшаԥы 28, асааҭ 19:00 рзы Ареспублика ашҭаҿ ҳаизаны, урыстәылатәи азакәан ҳаидгыланы ҳаҿагылап. Аҩбатәи апленартә аилатәара анымҩаԥгахо, ҳаззегьы ҳдәылҵроуп, – иануп Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.
“Аҳәахьа аилагареи урыстәылатәи ахакәан еиҭахәаԥшреи рыла, анапхгара аконституциатә ҳәаақәа ирхылҵуит, атәыла адәныҟатәи курс рыԥсахуеит. Ари ақырҭуа жәлар иалырхыз аԥеиԥш аԥсахроуп.
Жәларбжьаратәи апартниорцәа: Евроеидгылеи, Нато-и, ЕАР-и, Европа ахеилаки аҩыза-тәылақәеи иҟарҵаз аҳәамҭала, аурыс закәан иабзоураны Евроеидгыла ҳацәыхарахоит. Аурыс закәан ахәаԥшреи адкылареи антиконституциатә шьаҿоуп, уи ақырҭуа демократиа ашьреи Урыстәылаҟны азааигәахареи ауп хықәкыс амоу.
Ҳара: 1) Анапхгара рхаҭарнакцәа рҟны аиԥыларақәа рҽалархәра мап ацәаҳкуеит; 2) аусуратә гәыԥқәеи абжьагаҩцәа рхеилакқәеи рҿы анапхгара рхаҭарнакцәа рҟны аусеицура мап ацәаҳкуеит; 3) еиуеиԥшым аусуратә форматқәа рҿы анапхгара рҟны акоординациа мап ацәаҳкуеит.
Ҳара ажәлар рымаҵ ҳуеит. Урыстәыла ҳҭахӡам, Европа ҳадгылоит!” – иануп аҳәамҭа аҿы.