Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла Харьков азы аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рыла имҩаԥгаз ажәылараан 16-ҩык ахәрақәа роуит
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла Харьков аганахьала ажәылара мҩаԥнагеит.
Харьков ахада Игор Терехов иҟаиҵаз аҳәамҭала, ажәылара аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рыла мҩаԥган. Ажәылараан аԥхасҭа аиуит аҩнеихагыла ду.
Ажәылараан аҩны иблит, 16-ҩык ахәрақәа роуит, урҭ иреиуп ахәыҷқәа.