Иенс Столтенберг – Урыстәыла Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи рақәшаҳаҭрада абарҭ атәылақәа рҿы игылоу  ахатә бџьармчқәа алнагароуп
Иенс Столтенберг – Урыстәыла Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи рақәшаҳаҭрада абарҭ атәылақәа рҿы игылоу  ахатә бџьармчқәа алнагароуп

«Урыстәыла Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи рықәшаҳаҭрада абарҭ атәылақәа рҿы игылоу  ахатә бџьармчқәа алнагароуп», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг апресс-конференциа ҷыда аҿы.

Иара ишиҳәаз ала, Урыстәыла агрессивтә риторикеи егьырҭ атәылақәа ирҧырхагоу аполитика амҩаҧгареи иаҟәыҵроуп.

«Ҳара европатәи ашәарҭадара зырҕәҕәаша, Ҳельсинктәи акт аҿы ҳнапы зҵааҩыз апринципқәа рыхьчара иацхрааша  ареалтә диалог ҳазыхиоуп. Абарҭ апринципқәа инрықәыршәаны, атәылақәа зегьы дара рхала арратә аилазаашьа алхра азин рымоуп.

Урыстәыла агрессивтә риторикеи егьырҭ атәылақәа ирҧырхагоу аполитика амҩаҧгареи иаҟәыҵроуп.  Урыстәыла Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи рақәшаҳаҭрада абарҭ атәылақәа рҿы игылоу  ахатә бџьармчқәа алнагароуп», — иҳәеит Иенс Столтенберг.

Иара ишазгәеиҭаз ала, Америка анапхгара Урыстәыла ажәалагалақәа рзы аҩырала аҭак ҟарҵахьеит.