Иенс Столтенберг – Швециа Ҭырқәтәыла иацхраауеит Евроеидгыла азааигәахара апроцессаҿ
Иенс Столтенберг – Швециа Ҭырқәтәыла иацхраауеит Евроеидгыла азааигәахара апроцессаҿ

«Швециа Ҭырқәтәыла иацхраауеит Евроеидгыла азааигәахара апроцессаҿ», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

«Иахьазы, Швециа, Евроеидгыла алахәыла ҳасабала, Евроеидгылахь  алалара апроцесс аҿы Ҭырқәтәыла ацхраара  иақәшаҳаҭхеит», – иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада.

Столтенберг иҳәамҭала, НАТО Ҭырқәтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рҽалагалара  алшом, аха, Швециа, Евроеидгыла алахәыла аҳасабала, ари апроцесс иацхраар алшоит. НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ҩ-ҳәынҭқаррак реиқәшаҳаҭхара дазыразуп.

Вильниус имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ишааицҳаз ала, Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Еодоҕан НАТО ашҟа Швециа алалара дақәшаҳаҭхоит.