Иенс Столтенберг иҳәамҭала, Финлиандиа НАТО иалалоит уаҵәы, мшаҧы  4 рзы
Иенс Столтенберг иҳәамҭала, Финлиандиа НАТО иалалоит уаҵәы, мшаҧы  4 рзы

«Финлиандиа НАТО иалалоит  аҩашаз, мшаҧы  4 рзы», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

«Абри ашьаҿа абзоурала, Финлиандиа ашәарҭадара иаҳа иҕәҕәахоит, Алиансгьы иаҳа иҕәҕәахоит. Ҳара, раҧхьаӡа акәны, НАТО аштаб-уадаҿ Финлиандиа абираҟ шьҭаҳхуеит», — иҳәеит  Столтенберг.

Иара убас Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, Финлиандиа НАТО алалара абзоурала, Швециа ашәарҭадарагьы иаҳа иҕәҕәахоит.