Иенс Столтенберг – Ҭырқәтәыла анапхгара ирымҳәеит дара НАТО арҭбаара иақәшаҳаҭым ҳәа  
Иенс Столтенберг – Ҭырқәтәыла анапхгара ирымҳәеит дара НАТО арҭбаара иақәшаҳаҭым ҳәа  

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ишиҳәаз ала, НАТО алалараа азҵаара Швециеи Финлиандиеи рыӡбара иахьыҧшуп.

Столтенберг иажәақәа рыла, НАТО аҿы Швециеи Финлиандиеи рылахәызаара  азеиҧш шәарҭадара арҕәҕәара иацхраауеит, ари афакт даҽазнык аанарҧшуеит НАТО ашәқәа шаарту, агрессиа акгьы шахылымҵуа.

Иара убас, Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, Мадридтәи асаммит аҿы, уажәтәи аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, Европа ашәарҭадареи Алианс ахыхьчареи арҕәҕәаразы крызҵазкәа аӡбарақәа рыдыркылоит.

Ҭырқәтәыла  аҳәамҭа иадҳәаланы Столтенберг ишиҳәаз ала, иара агәра ганы дыҟоуп азеиҧш позициа шырыҧшаауа.

«Ҭырқәтәыла анапхгара ирымҳәеит дара НАТО арҭбаара иақәшаҳаҭым ҳәа. Ҭырқәтәыла излацәажәо апроблемақәа рыӡбара ҳалшап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Иенс Столтенберг Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистри иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

Иахьа Финлиандиа анапхгара НАТО алаларазы аофициалтә азыҳәамҭа шыҟарҵо атәы аарыцҳаит.

Уаанӡаа Ҭырқәтәыла ахада Ердоҕан ааицҳаит Ҭырқәтәыла Финлиандиеи Швециеи НАТО ашҟа ралалара ишақәшаҳаҭым.