Иементәи "ахуситцәа" Адентәи аӡбжьахалаҿ абылтәымҩангага  аракетатә жәылара азымҩаԥыргеит
Иементәи "ахуситцәа" Адентәи аӡбжьахалаҿ абылтәымҩангага аракетатә жәылара азымҩаԥыргеит

Иементәи “ахуситцәа” Адентәи аӡбжьахалаҿ абылтәымҩангага аганахьала аракетатә жәылара мҩаԥыргеит.

Аларҵәара зауз адыррақәарыла, аӷбы былуеит, аха аахақәа зауз аӡәгьы дыҟам.

Аӷба “Марлин Луанда” Маршалл идгьылбжьахақәа рбираҟ аҵаҟа иӡсоит. Британиа амшынтә-ахәаахәҭратә операциақәа рыҟәша аинформциала, аӷба Аден апорт аҟынтә 60 амшын милиала иацәыхаран.