Иахьа Қырҭтәыла Никол Ԥашиниан даҭаауеит
Иахьа Қырҭтәыла Никол Ԥашиниан даҭаауеит

Иахьа Қырҭтәыла аусуратә визитла даҭаауеит Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан.

Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура аинформациа ала, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иколлега иҟны ишиашоу аиԥылара мҩаԥигоит, уи ашьҭахь, асааҭ 14:00 рзы Иракли Ӷарибашвилии Никол Ԥашиниани рнапхгарала аиҳабырабжьаратәи аекономикатәи комиссиа аилатәара мҩаԥгахоит.

Аилатәара рхы аладырхәоит Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи иашьашәалоу русҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.