Иахьа Қырҭтәыла  Аҧсны амш иазгәарҭоит
Иахьа Қырҭтәыла  Аҧсны амш иазгәарҭоит

Иахьа Қырҭтәыла  Аҧсны амш иазгәарҭоит. Лаҵара 23  —  Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи имшуп.   2014 шықәсазы Қырҭтәыла Акаталикос  – Патриарх Илиа аҩбатәи абри амш Аҧсны мшны ирылеиҳәеит.

Аҧснытәи Автономтә республика аиҳабыра абри амш инамаданы еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа мҩаҧыргоит.  Мышқәак раҧхьа апарк Мзиури аҿы аартын афотоцәыргақәҵа   «Аҧснынтә акадрқәа», иара убас, амфитеатр асценаҿы иқәгылеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль  «Абхазеҭи»-и егьырҭ аколлективқәеи.

Иара убас, Аҧсны амш инамаданы, Каҷреҭи иҟоу  аҽытә клуб  «Амбассадор»  абазаҿы имҩаҧган  «Абхазети Ахраҿа»  азы аҽырыҩра.