Иахьа Қарҭ аартхоит адиаспора амш инамаданы имҩаԥысуа афорум "Ақырҭуа диаспора Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥш азы"
Иахьа Қарҭ аартхоит адиаспора амш инамаданы имҩаԥысуа афорум "Ақырҭуа диаспора Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥш азы"

Иахьа Қарҭ аартхоит адиаспора амш инамаданы имҩаԥысуа афорум “Ақырҭуа диаспора Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥш азы”. Ауснагӡатә аофициалтә хәҭа ааритуеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациа ала, афорум рхы аладырхәоит Қырҭтәыла анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи напхгара рхаҭарнакцәа. Афорум аартра ашьҭахь, имҩаԥысуеит  аҵареи, аекономика аҿиареи ацифратә дипломатиеи   азҵаарақәа ирызку атематикатә аиԥыларақәа.

Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, адиаспоратә программа “Утәыла ацҳаражәҳәаҩ қәыԥшс уҟала” алахәылацәа рзы ацифратә коммуникациаа рзы атренинг мҩаԥысуеит.

Адиаспора амш инамаданы афорум есышықәса мҩаԥысуеит, уи хықәкыс амоуп аҳәаанырцә инхо атәылауаа рҟны аусеицура арҭбаара, аԥсадгьыл аҟны аимадара ацәыӡра, атәыла аргылара апроцесс рҽалархәра, адиаспора апроблемақәа рҭыԥқәҵара амҩақәа рыԥшаара.