Иахьа Париж, ахәыҷтәы Евровидение аҿы Қырҭтәыла ахьӡала дықәгылоит Нико Қаџьаиа
Иахьа Париж, ахәыҷтәы Евровидение аҿы Қырҭтәыла ахьӡала дықәгылоит Нико Қаџьаиа

Иахьа, ҧхынҷкәын 19, асааҭ 19:00 рзы, Париж  XIX-тәи ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс  «Евровидение» мҩаҧысуеит, уи рхы ладырхәоит  19 ҳәынҭқарра. Ишаҧу ала, ишиашо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара ала.

Аконцерттә зал La Saint Musical аҿы Қырҭтәыла ахьӡала дықәгылоит Нико Қаџьаиа, иара Гиги Кухианиӡе иашәа lets count the smiles наигӡоит.

Аконкурс аофициалтә саит  vote.junioreurovision.tv  аҿы онлаин-абжьыҭира мҩаҧысуеит.

Абжьыҭира хыркәшахоит иахьа, ҧхынҷкәын 19 рзы, ахәыҷтәы конкурс аконцерт иалагаанӡа, анеҩс,  аконкурсантцәа зегьы анықәгылалак, даҽа 15 минуҭ абжьыҭира шәылшоит.

Қырҭтәыла ахаҭарнак идагьы, шәара даҽа ҩыџьа аконкурсантцәа шәыбжьы рышәҭар шәылшоит. Ахәыҧшцәа рбыжьқәа рыла еилкаахоит аҵыхәтәантәи алҵшәа азбжак, егьи абжьа  — ажиури рыӡбара иахьыҧшуп.