Иахьа агәыҧ Circus Mircus  "Евровидение" аҩбатәи афиналбжаҿы иқәгылоит
Иахьа агәыҧ Circus Mircus  "Евровидение" аҩбатәи афиналбжаҿы иқәгылоит

Иахьа, Турин, ашәаҳәаратә конкурс «Евровидение» аҩбатәи афиналбжа мҩаҧысуеит.

Аҩбатәи афиналбжаҿы иқәгылоит ақырҭуа гәыҧ  Circus Mircus. Дара ашәа  «Lock Me In» нарыгӡоит. Ишашо ицо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы,  асааҭ  23:00 рзы.

Сынтәатәи  «Евровидение» апроект аоригиналтә концепциа амоуп  —  агәыҧ алахәылацәа рыхьӡқәа адырбом. Дара абарҭ апсевдонимқәа рымоуп: Ставриадис, Хаворц Геворкиан, Игорь Форлихтенштеин, Иаго  Виетнам.

Агәыҧ ашьаҭаркра инаркны, дара жәа-клипк ҭырххьеит. Агәыҧ алахәылацәа рҳәамҭала,  Circus Mircus —  зеиҧшҟамлац аудиовизуалтә ҧышәа аҧҵара амзызла еиуеиҧшым аусхкқәа знапы алахәы жәаҩыла апрофессионалцәа еидызкыло аҵысроуп.