Иахьа инаркны Кристиан Даниельсон  анапхгареи иҳәынҭқарратәым еиҿкаарацәеи рхаҭарнакцәа рҟны аиԥыларақәа мҩаԥигоит
Иахьа инаркны Кристиан Даниельсон анапхгареи иҳәынҭқарратәым еиҿкаарацәеи рхаҭарнакцәа рҟны аиԥыларақәа мҩаԥигоит

Иахьа инаркны Кристиан Даниельсон анапхгареи иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа рны аиԥыларақәа мҩаԥигоит.

Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ихаҭарнак Кристиан Даниельсон актәи аиԥыларқәа мҩаԥигоит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии ахада Саломе Зурабишвилии рҟны, уи ашьҭахь аполитикатә ганқәа еиԥыларақәа нарыгӡоит Евроеидгыла ахаҭарнакра аофис аҿы.

Кристиан Даниельсон  Қырҭтәылаҟа дхынҳәит хәажәкыра 27 рзы. Европатәи Ахеилак ахада ихатә хаҭарнак  Кристиан Даниелсон   Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгылеи Америкеи рыцҳаражәҳәаҩцәа  Карл Ҳарцели Кели Дегнани, иҳәынҭарратәым еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи дырҧылеит.

Даниельсон ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла, акризис алҵраҿы Қырҭтәыла иацхраарц азыҳәан, активла абри апроцесс иалахәып, аха, аполитикатә лидерцәа роуп акризис алҵразы аҭак  зыҧхықәу.