Иахьа иаркны афатәаалыҵ азы ахархәара змаз апластикатә аалыҵ хкқәак рыҭира ҟалом 
Иахьа иаркны афатәаалыҵ азы ахархәара змаз апластикатә аалыҵ хкқәак рыҭира ҟалом 

 

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала,  2026 шықәса мшаҧы 1 инаркны,  афатәаалыҵ азы ахархәара змаз апластикатә аалыҵ хкқәак: ачқьыҧқәеи, амҳаҵәқәеи, асаанқәеи, аконтеинерқәеи убас егьырҭгьы, рыҭира ҟалом.  Урҭ римпорти рааглыхреи иқәиҭымын  2026 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.

Ари арегулиациа анагӡара иахылаҧшуеит Афатәаалыҵ азы амилаҭтә агентреи, Аекологиатә хылаҧшра адепартаменти, Афинансқәа рминистрра Ахашәала амаҵзуреи.

Азинеилагарақәа ирызку азакәанеидкыла инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу арегулиациақәа реилагаразы иазҧхьагәаҭоуп  1000 лари ахараҧсеи иашьашәалоу аалыҵ аконфискациеи.