Иахьа ҳколлега Зураб Қурцикиӡе аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаагеит
Иахьа ҳколлега Зураб Қурцикиӡе аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаагеит

Иахьа ауацәеи аколлегацәеи Зураб Қурцикиӡе аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит. Аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩныҵҟа Зураб Қурцикиӡе Қырҭтәыла Актәи аканал афотокорреспондентс дыҟан. Ҳархиваҿ акрызҵазкәа ахҭысқәа аазырҧшуа ифотоҭыхымҭақәа аанхеит. Зураб Қурцикиӡе зехьынџьара,  акрызҵазкәа ахҭысқәа рыгәҭа дыҟан. Аамҭакала иара аус иуан Европатәи апресса жәларбжьаратәи агентра  EPA аҿы. 2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьра, Урыстәыла-Украинатә еибашьра, Евромаидан ахҭысқәа, Беслантәи атерракт уҳәа,  Қырҭтәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы акрызҵазкәа ахҭысқәа ааирҧшуан.

Зураб Қурцикиӡе   2011 шықәса ҧхынгәы  7 рзы аҧшыхәра ахарадҵарала иаанкылаз афотоҭыхҩцәа дреиун.  Иара акыршықәса рыҩныҵҟа ихарадара ашьақәыргылара дазықәҧон. Аҵыхәтәаны аӡбарҭа иазханаҵеит Зураб Қурцикиӡеи егьырҭ афотоҭыхыҩцәеи  акгьы шырхарамыз.  Афоторепортиорцәа ишырҳәаз ала, дара аанкылан  2011 шықәса лаҵара  26 рзы акциа аимырппареи усҟантәи ахҭыс цәгьақәеи аазырҧшуаз афотоҭыхымҭақәа жәларбжьаратәи агентрақәа рҿы раларҵәара ахарақәҵарала.