Иахьа, Баҭым Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рматч ахәаԥшцәа рыда мҩаԥгахоит
Иахьа, Баҭым Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рматч ахәаԥшцәа рыда мҩаԥгахоит

Баҭым, Лаҵара 26 амҩаҿ иҟалаз атрагедиа инамаданы, Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рматч ахәаԥшцәа рыда мҩаԥгахоит. Ари атәы аарыцҳаит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак еилатәара аҿы.

“Акоординациатә хеилак жьҭаара 5 рзы аӡбара аднакылеит жьҭаара 9 рзы имҩаҧысраны иҟоу Қырҭтәыла – Бырзентәыла ашьапылампылтә матч ашҟа инарышьҭуеит ахәаҧшцәа 33% ҳәа.

Ахәаԥшцәа абилеҭқәа рыхәԥса рзырхынҳәуеит. Аматч ахь инарышьҭуеит Баҭым иҟоу Бырзентәыла аделегациа алахәылацәа мацара,” – иануп аҳәамҭа аҿы.

Қырҭтәыла – Бырзентәыла ашьапылампылтә матч имҩаԥсыран иҟуоп иахьа, асааҭ 20:00 рзы Баҭымтәи ацентртә стадион аҿы.