Иахьа ахәыҷ баҳчақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото]
Иахьа ахәыҷ баҳчақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото]

Иахьа ахәыҷ баҳчақәа рҿы аҵара еиҭалагеит. Аҵара аминистра аинформациа ала, аҵаратә процесс нагӡахоит арегулиациақәа зегьы рықәныҟәара ала.

Аепидемиологиатә  ҭагылазаашьа цәгьа иахҟьаны, нанҳәа 31 рзы ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, цәыббра 15 инаркны жьҭаара  4-нӡа ашколқәа рҿы аҵаратә процесс  анахаралатә режим аҿы мҩаԥгон.

Иахьа инаркны ашколқәеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи рҿы аҵара аклассқәеи аудиториақәеи рҿы нагӡахоит.