Атәыла зехьынџьара асезонтә грипп аҽацәыхьчаратә вакцинациа иалагеит.
Ари атәы аарыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтәи.
Аминистрра аинформациа ишану ала, аиммунизациа аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла 4 компонентк рыла ишьақәгылоу алаҵа Abbott Biologicals B.V. аанахәеит, уи Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аҟынтә арекомендациа зауз алаҵақәа иреиуп.
«Аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, агрипп аҽацәыхьчаратә алаҵа рзыҟарҵоит ашәарҭара иҭагыло агәыҧқәа.
Атәылаҿ ҷыдала ашәарҭара иҭагылоуп ҳәа иҧхьаӡоуп абарҭ агәыҧқәа: ашьақарчымазара змоу, адиализ ҟазҵо, С агепатит змоу, ВИЧ/СПИД змоу, иара убас, зорганқәа ииагоу апациентцәа.
Иара убас, 60 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыреи, зцәазтәым аҳәсеи, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рырҵаҩцәеи, аҭаҳмадацәа рҩнқәа русзуҩцәеи, убас егьырҭгьы.
Изҭаху ауааҧсыра зегьы абҵара 4 инаркны хәыда-ҧсада алаҵа ҟарҵар рылшоит ари амаҵзура ахьыҟоу амедицинатә усбарҭақәа зегьы рҿы», — иануп аинформациаҿы.