Иахьа ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама Светицховелоба аныҳәамш азгәанаҭоит [афото]
Иахьа ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама Светицховелоба аныҳәамш азгәанаҭоит [афото]

Иахьа ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама «12ҩ-ык ацҳаражәҳәаҩцәа ргәаларшәара амш» –  Светицховелоба азгәанаҭоит.

Светицховели аныхабаа аҿы аныҳәатә Анцәа имаҵзура  Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, Сенакии Чхороҵҟуи амитрополит Шио мҩаҧигеит.

Светицховлоба инамаданы, Мцхеҭа еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.

Аҩыра цқьа инақәыршәаны, Иаса Қьырса 12-ҩык ацҳаражәҳәаҩцәа алихит. Урҭ руаӡәы,  Иуда Искариот, Қьырса динаҧхеит. Убри аамышьҭахь, Иҳақәиҭу Қырҭтәыла ақьырсианра аларҵәаразы Матфеи дықәиргылеит. Абри амш азы Ауахәама  абарҭ Ацҳаражәҳәаҩцәа ргәаларшәара амш азгәанаҭоит: Пиотри иашьа Андеи, Иакови иашьа Иоанни, Филлип, Варфоломеи, Фома, Матфеи, Иаков,  Алфеи, Иуда  (Фаддеи), Симон Ашьыцҩы, Матфии.

Светицховлоба шықәсыкала ҩынтә иазгәарҭоит  —  ажьырныҳәа 14-и ҧхынгәы 13-еи рзы.