Иахьа апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы" аофициалла дықәдыргылоит аԥыза-министррахь акандидат
Иахьа апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы" аофициалла дықәдыргылоит аԥыза-министррахь акандидат

Иахьа, ажьырныҳәа 1 азы имҩаԥысуеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитхеилак аизара ду.

Аполитхеилак аофициалла дықәдыргылоит аԥыза-министррахь акандидат, аизара ду асааҭ 14:рзы иалагоит.

Аполитхеилак алахәылацәа ражәақәа рыла, апартиа уажәтәи ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе аԥыза-министрс дҟрҵоит, уи аиҳабыра аилазаашьа ҿыц ауааԥсыра рыдигалоит, ԥасатәи аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили апартиа ахантәаҩы иҭыԥ ааникылоит.

Аԥыза-министри аиҳабыреи шьақәдырӷәӷәароуп иаауа амчыбжь азы имҩаԥысуа асессиақәа раан.

Ажьырныҳәа 29 рзы Иракли Ӷарибашвили инапынҵақәа шьҭеиҵеит.