Иахьа алхыҩцәа рколлегиа  алахәылацәа Қырҭтәыла афбатәи ахада далырхуеит
Иахьа алхыҩцәа рколлегиа  алахәылацәа Қырҭтәыла афбатәи ахада далырхуеит

Иахьа алхыҩцәа рколлегиа алахәылацәа,  ишиашам аҧҟарала,    Қырҭтәыла афбатәи ахада далырхуеит. Алхҳратә процедура мҩаҧысуеит Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿы.  Асааҭ  09:00 рзы иалагаз апроцедура асааҭ 14:00-нӡа инагӡахоит.

Алхыҩцәа рколлегиа алахәылацәа иалырхуа атәыла ахада ари аҭыҧ ааникылоит 5 шықәса. Алхыҩцәа рколлегиа иалоуп  300ҩык алахәылацәа.

Апарламентаҿ атәыла ахада иалхрақәа мҩаҧнагоит Алхратә комиссиа хада. Апраламентаҿ абжьыҭира ашьҭаҳьҵәҟьа Алхратә комиссиа хада алхрақәа рылҵшәақәа реихшьаала ҟанаҵоит.