Иахьа,  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ергнеҭи аиҧылара мҩаҧысуеит 
Иахьа,  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ергнеҭи аиҧылара мҩаҧысуеит 

Иахьа,  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ергнеҭи 113-тәи аиҧылара мҩаҧысуеит. Аиҧылара алахәылацәа ҧасатәи аиҧылара инаркны иахьанӡа ампыҵахалатә цәаҳәаҿы иҟалаз аинцидентқәа ирылацәажәоит.

Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аинформациа-аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ Иракли  Анҭаӡе ишиҳәаз ала, иахьатәи аиҧылараҿы Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала раанкылара азҵаара иалацәажәоит. Антаӡе иажәақәа рыла, уажәазы де-факто арежим ала закәандарала иҭакуп быжьҩык Қырҭтәыла атәылауаа.

Аиҧылара алахәылацәа, ашәарҭадара азҵаарақәа инарываргыланы, агуманитартә зҵаарақәагьы ирылацәажәоит.