Иашвили ихьӡ зху Қарҭтәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа  астационарахь апациентцәа рыдкылара  аамҭала  иаҟәыҵит, аусура нанагӡоит  амбулатортә-диагностикатә центри аонкогематологиатә хырхарҭеи
Иашвили ихьӡ зху Қарҭтәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа  астационарахь апациентцәа рыдкылара  аамҭала  иаҟәыҵит, аусура нанагӡоит  амбулатортә-диагностикатә центри аонкогематологиатә хырхарҭеи

«Арҽеиратә усурақәа ирыдҳәаланы,   Иашвили ихьӡ зху Қарҭтәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа астационарахь апациентцәа рыдкылара аамҭала иаҟәыҵит, аусура нанагӡоит  амбулатортә-диагностикатә центри аонкогематологиатә хырхарҭеи», —  иануп аклиника аҳәамҭаҿы.

Ахәышәтәырҭа ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала,  аклиникаҿы зымҽхак дуу арҽеиратә усурақәа мҩаҧысуеит.

Иашвили ихьӡ зху,  Қырҭтәыла идуӡӡоу ахәыҷтәы хәышәтәырҭа есышықәса  30 нызқьҩык раҟара апациентцәа рымаҵ ауеит. Аклиника астационараҿ  250 аиарҭаҭыҧқәа иҟоуп.

Аклиника аҳәамҭа ишану ала,  иахьатәи аилатәараҿы апациентцәа егьырҭ аклиникақәа рахь риагара азҵаара иалацәажәоит.

Аклиникаҿы арҽеиратә усурақәа хдыркәшоит  2022 шықәса анҵәамҭаз,  убри ашьҭахь амедицинатә центр ҳаамҭазтәи астандартқәа зегьы ирышьашәалазаауеит.

Ахәышәтәырҭа арҽеиратә усурақәа ирылаҵоуп  10 миллион  лари.