Иашвили ихьӡ зху ахәышәтәырҭа - Ахәшәтәырҭаҿ аинтоксикациа змоу 120-ҩык ишьҭоуп ҳәа аларҵәара зауз адырра имцуп
Иашвили ихьӡ зху ахәышәтәырҭа асоциалтә ҳақәа рҿы Ахәшәтәырҭаҿ аинтоксикациа змоу 120-ҩык ишьҭоуп ҳәа аларҵәара зауз адырра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭаҿы ишану ала, ахәышәтәырҭаҿы аинтоксикациа адиагноз ала ачымазаҩ заҵәык дашьҭоуп.
“Иашвили ихьӡ зху ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿ аинтоксикациа змоу 120-ҩык ишьҭоуп ҳәа аларҵәара зауз адырра имцуп. Иахьазы ҳхәышәтәырҭаҿы интоксикациа адиагноз ала ачымазаҩ заҵәык дашьҭоуп. Аинтоксикациа амзыз иашьашәалоу аусҳәарҭақәа ҭырҵаауеит. Ахәыҷы иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам”, – ҳәа иануп Иашвили ихьӡ зху ахәышәтәырҭа аҳәамҭа аҿы.