Иапониа, аԥшатлакә "Шаншан" амшала х-ҩык ҭахеит, 79-ҩык  ахәрақәа роуит, хәмиллионҩык иреиҳаны аевакуациа рықәшәоит, ареисқәа аԥыхуп
Иапониа, аԥшатлакә "Шаншан" амшала х-ҩык ҭахеит, 79-ҩык ахәрақәа роуит, хәмиллионҩык иреиҳаны аевакуациа рықәшәоит, ареисқәа аԥыхуп

Иапониа, аԥшатлакә “Шаншан”иахҟьаны, ареисқәа аԥыхуп, – аанацҳаит “Роитер”.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, х-ҩык ҭахеит, 79-ҩык ахәрақәа роуит, анапхгара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аевакуациа иалагарц. Атәыла амасштабла 5.2 милионҩык иреиҳаны аевакуациа иазкны аацҳамҭақәа роуит.

Авиаеилахәырақәа ANA Holdings, Japan Airlines уҳәа уб. егь. ишаарыцҳаз ала, аԥыхуп 800 реисқәа иреиҳаны.

Иапониа алада-мраҭашәарахьала иҟоу адгьылбжьаха Киушу аҟны атранспорти аиҭаҵра аанкылоуп. 125000-ҩык афымцалашарада аанхеит.