"Ҳамас" израильтәи атҟәацәа рхақәиҭтәра апроцесс алагеит, Газа иҟаз быжьҩык атҟәацәа Аџьар ҟаԥшь ахаҭарнакцәа рҟны иҟоуп
“Ҳамас” израильтәи атҟәацәа рхақәиҭтәра апроцесс иалагеит, Газа иҟаз быжьҩык атҟәацәа Аџьар ҟаԥшь ахаҭарнакцәа рҟны иҟоуп.
“Израили “Ҳамаси” ирыбжьарҵаз ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, тҟәацәа рхақәиҭтәреи израильтәи аган рыҭареи рзы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа афазарацәа змоу аоперациа алагеит”, – иануп Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет аҳәамҭа аҿы.
Израиль аԥыза-министр иофис аҟынтә ишаарыцҳаз ала, апроцесс ҩетапк рыла ишьақәылоуп.
“Ҳамас” хара имгакәа иоурыжьҭуа ҩажәаҩык атҟәацәа рыхьӡқәа аланарҵәеит. Аларҵәара роуит 1718-ҩык палестинатәи атҟәацәа рыхәҷқәагьы.