Гурама Ҭаварткилаӡе ихьӡ зху ауниверситетаҿ аадыртит Абызшәақәеи акультуреи ақырҭуа-украинатәи институт
Гурама Ҭаварткилаӡе ихьӡ зху ауниверситетаҿ аадыртит Абызшәақәеи акультуреи ақырҭуа-украинатәи институт

Гурама Ҭаварткилаӡе ихьӡ зху ауниверситетаҿ аадыртит Абызшәақәеи акультуреи ақырҭуа-украинатәи институт.

Аинститут хықәкыс иамоуп украинааи ақырҭуааи рыбжьара акультурабжьаратә диалоги аҵарадырраҭҵааратә хырхарҭеи  арҕәҕәара.

Агибридтә форматаҿ имҩаҧгаз аартра ацеремониа рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо Андреи Касианови,  Қырҭтәылеи Америкеи иҟоу украинатәи адиаспора ахаҭарнакцәеи, Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра ахаҭарнакцәеи, Қырҭтәыла иҟоу украинатәи ашкол адиректори, украинатәи ашколқәеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи ахаҭарнакцәеи. Аинститут аусура иалагеит иахьа инаркны.