Google map иацырҵоит 360 градус змоу Қырҭтәыла апанораматә фотоҭыхымҭақәа
Google map иацырҵоит 360 градус змоу Қырҭтәыла апанораматә фотоҭыхымҭақәа

Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрреи Аиннофациақәеи атехнологиақәеи рагентреи русеицурала, Қырҭтәыла аофициалла аусура иалагоит Google Street View, – аарыцҳаит Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Google аҭыхратә гәыԥ ҷыда, 2025 шықәса хәажәкыра инаркны 12 мз ирылагӡаны, Қырҭтәыла 24 ақалақьқәа рҿы 360 градус змоу афотоҭыхымҭақәа ҭырхуеит.

“Апланқәа ирылоуп 15000 км ақәыԥшылараҿ аусура, ақалақьқәа иреуп Қарҭ, Баҭым, Қәҭешь, Русҭави, Ахалцихе, Мцхеҭа, Ҭелави, Жәргьыҭ, Озургеҭи, Местиа.

360 градус змоу Қырҭтәыла апанораматә фотоҭыхымҭақәа раларҵәара 2026 шықәа инаркны иалагоит”, –  иануп аинформаци аҿы.