Годерӡи аҩхааҿ автотранспорт ала аиҭаҵра ҟалом

Годерӡи аҩхааҿ автотранспорт ала аиҭаҵра ҟалом.

Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла аинфраструктуреи арегионтә аҿиареи рминистрра иаҵанакуа Автомобилтә амҩақәа рдепартамент аҟынтә.

“Амш цәгьа иахҟьаны, Баҭым (Ангиса) – Ахалцихе автомобилтә амҩа км106-км 117 (Годерӡи аҩхаа) ахҵәахаҿ иарбанзаалак атранспорт ала аиҭаҵра ҟалом, ” – иануп аинформациа аҿы.